+7 (940) 711 13 28

Аҳәаанырцәтәи аҵара

Ҳара

Аҳәаанырцәтәи аҵара ари амал ауаҩы илазгало, иаԥхьаҟа иԥсҭазаара ахаҭабзиарахь анырра ҟазҵо акоуп. Захьӡ-зыԥша хара инеихьоу адунеи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара аҵара ԥхьаҟа шьаҿа бзианы иҟалоит амаҵура дуқәа риуразы. Убри аҟнытә ирацәаҩуп аҳәаанырцә аҵара аиуразы аҳәаанырцәҟа ицо ауаа. Аҳәаанырцә аҵара аҵара имоданы ианыҟаз аамҭа цеит. Иахьа аҵара аҵаразы аҳәаанырцә изцо аԥхьаҟа рыԥсҭазаараҿы аихьӡара бзиақәа рыманы иҟаларц азы ауп.

Атәым ҳәынҭқарраҿы азеиԥш ҵареи иеиҳау аквалификациеи риура зеиӷьыҟам усуп аҭҵаарадырратә, атехникатә, афилологиатә лшара арҿиаразы. Зегьы реиҳа ихадароу – шәара ишәымазароуп адыррақәа риуразы агәаҳәара. Ашәҟәқәа рхарҭәаараҿы ацхыраара шәнаҭоит «Стадикуб».

Аҳәаанырцә аҵара аҵара ԥыжәарақәас иамоу.

Аҳәаанырцә аҵара аҵара аналышәхлак, аԥхьа иргыланы шәара ишәоуеит алшара абызшәа аганахьала шәдыррақәа рыҩаӡара аиӷьтәра. Аҳәаанырцәтәи иеиҳау аҵараиурҭаҿы иуоуа аквалификациатә ҩаӡара иунаҭоит алшара ауалафахәы ҳаракы узҭо аусурҭа аиуразы. Шәара ишәылшоит иара убас ишәгәаԥхаз атәылаҿы аусбарҭа аиура. Аҳәаанырцә аҵара аҵара иаԥсоуп ҳәа ауаҩы игәы иззаанагақәоу иреиуоуп удунеихәаԥшра зырҭбаауа даҽа ҳәынҭқаррак акультура адырра ахьулшо.

Акомпаниа Стадикуб ацхыраарала аҳәаанырцә аҵара аиура.

Ашәҟәқәа ииашамкәа, ма инагӡамкәа рхарҭәааразы авизазы мап шәцәыркыр ҳәа ашәара аҭахӡам, уи ахахьы иагоит Стадикуб. Уи ацхыраара шәнаҭоит иара убас ишәҭаху аҵаратә цхыраагӡа алхраҿы. Акомпаниа аусура шьаҭас иамоуп аҿаҵаҩы игәцаракра. Акомпаниа аусзуҩцәа шәыцхраауеит ишәҭаху апрограмма аԥшаараҿы, шәдыррақәа рыҩаӡара иақәнагоу абызшәатә курсқәа шәзалырхуеит, атекстқәа рҭакқәа рыҟаҵара шәазыҟарҵоит, адгылара шәырҭоит шәусқәа зегьы рҿы.

Аҵараҿы, аквалификациа азырҳараҿы, абызшәатә школқәа рҿы адыррақәа реиӷьтәраҿы, аҳәаанырцә иеиҳау аҵара аиурҭаҿы аиуристтә цхыраара шәырҭоит. Стадикуб азаанаҭдырҩцәа, иара убас ацҳаражәҳәарҭақәа рҿы аиҿцәажәарақәа шәырзыҟарҵоит, ишәыцхраауеит аҵараиурҭа ахыԥхьаӡаларазы иаҭаху ашәҟәқәа зегьы рхарҭәаараҿы, иеиҳау аҵараиурҭа алхраҿы аҭалараҿы.

Акомпаниа Стадикуб ацхыраарала шәара аҳәаанырцә аҵара шәҵарц шәыӡбазар:

Шәара ишәылшоит США Великобританиа, Бельгиа, Испаниа, Франциа, Швеицариа уҳәа адунеи егьырҭ атәылақәа рҿы еиуеиԥшым арҵаратә программақәа риура.

Шәара ишәыдыргалоит еиуеиԥшым ақәратә категориақәа, еиуеиԥшым ауадаҩра аҩаӡарақәа, еиуеиԥшым аспециализациақәа.

Шәара ишәыдыргалоит ииашоу, зыгәра уго, иҳаракым ахәқәа; иеиуеиԥшым ахәқәа рыла зхаҭабзиара ҳараку арҵара.

Шәҿаԥхьа иқәшәыргылаз аҳасабтә ирласны анагӡараҿы ацхыраара шәоуеит.

«Стадикуб» азы зегьы реиҳа зыхә ҳаракны иршьо аҿаҵаҩы иаамҭа ауп. Аҿаҵаҩы изыҳәарақәа ианаамҭоу идырны рынагӡара ихадароу ԥҟароуп акомпаниазы.

Шәара ишәоуеит аиуристтә цхыраареи аконсультациақәеи, авизатә цхыраара, ацҳаражәҳәарҭаҿы аиҿцәажәара шәазыҟарҵоит, ашәыҟәқәа аналашәҵо акомпаниа алахәылак дшәыцзаауеит.

Шәара аҳаиртә баӷәхазахь шәанцогьы ишәыцзаауеит.

Абжьаратә ҵара

Аҳәаанырцә абжьаратә ҵара зоуа ироуеит иаҳа алшара аҳәаанырцәтәи иеиҳау аҵараиурҭақәа рҭаларазы. Аҵара аҵаразы зхәыҷы даҽа ҳәынҭқаррак ахь дзышьҭырц згәы иҭоу аҭаацәа ишьақәдыргылоит азыҟаҵареи аҭалареи рзы ахатә план, ахәыҷы идыррақәа рыҩаӡареи аԥхьаҟа иалихырц ииҭаху азаанаҭи ирҿырԥшны иалырхуеит аҵараиурҭа. Стадикуб ишәыднагалоит заҳаҭыр ҳараку аҳәаанырцәтәи ашколқәа ралхра, урҭ рҿы амаҭәарқәа дырҵара мҩаԥысуеит тәым бызшәала.

Иеиҳау аҵара

Адунеи аҿы иреиӷьу ауниверситетқәеи аинститутқәеи рҿы аҳәаанырцә аҵара аҵара зеиԥшыҟам лшароуп иалухуа азанааҭ ала адырра ҵаулақәа риуразы, иара убас аԥхьаҟа анхаразы тәылак алхразы.

Заҳаҭыр ҳараку аҳәаанырцәтәи аҵараиурҭа алгара зырҵабыргуа адиплом акырӡа ауаҩы ицхраауеит акариера аҟаҵараҿы, иулнаршоит азанааҭтә усура арҿиараҿы алҵшәа дуқәа раарԥшра.

Аԥсшьарамшқәа абызшәа аҵара рыцны.

Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа раан ашколқәеи, аколлеџьқәеи, ҳаҭыр зқәу аҵараиурҭақәеи рҿы еиҿкаауп абызшәатә центрқәеи алагерқәеи. Аҵаҩцәеи астудентцәеи рыԥсгьы ршьоит, абызшәақәагьы рҵоит. Урҭ ирылшоит аԥсшьареи абызшәа аҵареи реилагӡара, абызшәақәа рганахьала рдыррақәа рыҩаӡара азырҳара (ашьҭыхра), даҽа ҳәынҭқаррак атрадициақәа рҵара, рдырра.

Абызшәатә программақәа.

Акомпаниа Стадикуб иуднагало абызшәатә программақәа еиӷьыртәуеит англыз, афранцыз, анемец уҳәа абызшәақәа рганахьала рдыррақәа, ибзианы уазыҟарҵоит аԥышәарақәа рыҭира, идырҭбаауеит апрофессионалтә шьцыларақәа.

Аҳәаанырцә иеиуеиԥшым арҵаратә вариантқәа идырҵаулоит азеиԥш дыррақәеи атәым бызшәа аганахьала адыррақәеи.

 

expand_less