+7 (940) 711 13 28

Аҳәаанырцәтәи аҵара

Sprachcaffe/ St.Paul's Bay


St. Paul`s Bay – ари Мальта иҟоу англыз бызшәа ашкол ауп, араҟа аҵареи аҟәараҿы аԥсшьареи еилагӡоуп. Ахалатә ҽазыҟацарақәа зегьы мҩаԥугалар ҟалоит, уԥсы шьо аҟәараҿы, аӡҭачаҿы амра ашәахәақәа удкыло,мамзаргьы апальмақәа рышәшьыра иҵатәаны. Уи адагьы астудент илшоит иманшәалоу, игьамоу, аиҩызаратә ҟазшьа змоу аҭагылазаашьаҿы аҟазаара. Араҟа аус зуа арҵаҩцәа зегьы англыз бызшәа бзианы ирдыруеит, ирхатәы бызшәоуп. Ари ашкол алшара унаҭоит иманшәалоу аҭагылазаашьеи, аԥсшьара бзиеи, алҵшәа змоу апрограммеи реилагӡара, уи зегьы ирыбзоураны астудент ихы ааирԥшуеит. Аҵаҩцәа адыррақәа роуеит,убри инамаданы аспорт рҽазыҟарҵоит, ахәылԥазқәа ирҭаауеит,ахәмаррақәа рхы рыладырхәеит,аныҟәарақәа, егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа. Sprachcaffe ашкол ақалақь Buggiba агәҭа иҟоуп, аҟәара азааигәараҵәҟьа. Ари ақалақь хәыҷы, адгьылбжьаха аҩадатәи ахәҭаҿы иҟоуп, аҳҭнықалақьи иареи 10 минуҭк рыбжьоуп. Аҭыԥантәи аԥшаҳәа даара иԥшӡоуп, аԥсабаратә ҭыԥ ԥшӡақәа рахьтә ахрақәа алыукаар улшоит. Арҵаратә программа.
Арҵаратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны , ҩ – вариант ҳадыргалоит. Акәырсқәа интенсивтәқәазар ауеит, ма иаабац. Акласс аҿы 15 ҩык рхыԥхьаӡара еиҳаӡам. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит аусуратә мшқәа раан,уахь иаҵанакәеит аԥхьара, аҩра, аграмматика, ацәажәара. Аԥсшьаратә мшқәа астудент ишииҭаху ихигоит, уи аныҟәарақәеи аԥсшьареи ирызкызар ауеит.
Иаабац акурс инақәыршәаны ашәахьа инаркны ахәашанӡа 20 урок мҩаԥыргоит,есыҽны 4 урок. Акурс, ианмаҷха 2 мчыбжь ыҟазароуп, агәыԥ ахь ирыдыркылоит 10 ҩык астудентцәа.

Интенсивтәу акурс аҳәаақәа ирҭагӡаны мчыбжьык 30 урок мҩаԥыргоит,мышкы – 6 урок алҵуеит, акурс мчыбжьык еиҵамзароуп. Агәыԥ ахь ирыдыркылоит 10 ҩык инареиҳамкуа.
Астудентцәа рыдыркылоит аҭаацәара рҿы еиԥш, иара ашкол аҿгьы, уи ахатәы резиденциа амоуп. Аҭаацәара рҿы 2-3 ҩык уадак аҿы еицынхоит, инахарамкуа, ашкол аҟынӡа шьапыла 15 минуҭ рыла унаӡоит, автобус ала иҵегьы иаарласны. Арезиденциаҿы 3 ҩык уадак аҿы еицынхоит,аҵаратә центр аҟынӡа 5 минуҭк бжьоуп шьапыла. Аӡҭачы ыҟоуп, хазы аху шәаны аинтернет аҿаукыр ҟалоит. Акрыфареи аԥсшьареи
Астудентцәа зегьы акрыфара роуеит ихаҭәаау апансион инақәыршәаны, мышкахьы хынтә. Арезиденциаҿы иԥхоу шьыбжьхьа рырҭоит, аҭаацәараҿы – иаарласнытәи какал акра.
Аҵара адагьы, астудентцәа зегьы аԥсшьара ласы иадрыԥхьалоит,уахь иаҵанакуеит зсиа дуу аспорттә усмҩаԥгатәқәа,еиҳарак аԥшаҳәатә ԥсшьара. Анапылампыл,аӡсара, асиорфинг уҳәа ухы азыукыр ҟалоит. Ахәылԥазқәагьы рҟазшьа еиуеиԥшым, уи акараоке акәзар ҟалоит, абарбекиу- ахәылԥаз, мамзаргьы амилаҭеилазааратә хәылԥазы. Аныҟәарақәа удыргалоит- ҩымчыбжьтәи атур аҟны – 3мш аҽнынтәарак иазыԥҵәоуп, нас даҽа 2 амш азбжа. Аныҟәарақәа рвариантқәагьы даара ирацәоуп. Апрограмма ахәԥса аӡәы изы иаарԥшуп евро ала, 2018 тәи ашықәс азы

Апрограмма ахьӡ

Арыцху

Заҟа мчыбжьы

Арезиденциаҿы анхара аху.

Аҭаацәара рҿы анхара аху

Англыз бызшәа + Аԥсшьара 24.06 - 25.08.2018 2 мчыбжь 3 мчыбжь 4 мчыбжь 1 100 1 630

2 160

950 1 405

1 860

Ахәԥса иҭаӡоит:

Хазы аху ахшәаатәуп:

-Аҵареи анхареи иалышәхыз апрограмма ала. -Акрыфара – ихарҭәаау апансион -Атрансфер Хәыда-ԥсадатәи ацхыраара акциақәа рҳәаа иҭагӡаны* -Аԥшьгареи ацхыраареи аҵараиурҭа алхраан -Апрограмма абронь азуреи,иаҭаху ашәыҟәқәеи реиқәыршәара -Аҳаиртә билеҭқәа раанкылара -Аҽыхьчаратә билеҭ алҩаара -ҵараҿы иҟоу астудент ихылаԥшра

- 24/7 аимадараҿы аҟазаара.

- Авизазы ааԥхьара 50 у.е. - Абанк аҟынтәи аԥара аиагара 65 у.е. - Авизатә цхыраара 135 у.е. Аҽыхьчара 1 у.е./уахыки ҽнаки - Аҳаиртә билеҭ 270 у.е.ин - Аконсултә еизга 61 у.е.


*Аинтенсивтә курс - 40€ мчыбжьык(хатәгәаԥхарала)
*зхала иԥыруа ахәыҷкәа рзы авиакомпаниа аху ахшәаара – 150 € ганкахьы.

 

expand_less