+7 (940) 711 13 28

Аҳәаанырцәтәи аҵара

DID Munich

Мюнхен – иџьоушьаша қалақьуп,аԥшӡара уаднапхьалоит,аҭыԥантәи ауааԥсыра гәаартыла иуԥылоит. Абызшәатә программа ахәыҷқәа рзы ақалақь агәҭа ауп иахьыҟоу, уахьынтәи еиуеиԥшым аҭыԥ ԥшӡаррақәа ирласны урҭаауеит.

Апрограмма зеиԥшроу:

Ашкол аҿы еиҿыркаауеит анемец бызшәа аҵаразы истандартәу апрограмма - 20 урок мчыбжьык,иара убас интенсивтәу апрограмма, уи мчыбжьык 24 урок ҭанагӡоит. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит 09.00 ашьыжь инаркны 12.30 сааҭынӡа. Аҵара раԥхьатәи амш алагоит аԥышәара(тестирование) ала, уи ашьҭахь астудентцәа иаадырԥшыз аҩаӡара инақәыршәаны, досу инаало агәыԥкәа рахь еихыршоит.

Апрограмма рнаалоит астудентцәа здырра аҩаӡара А1 ыҟоу, акурс ҿыц иалаго рзы акәымкәа. Арҵагатә материалқәа зегьы ашкол ишәынаҭоит. Агәыԥ аҿы 10-12 ҩык рҟынӡа инаӡоит, зегьы ианреиҳаха– 15ҩык . Апрограмма хзыркәшаз зегь аршаҳаҭга рырҭоит изылгаз аҩаӡара азгәаҭаны.

Анхара:

Анхара еиҿыркаауеит арезиденциаҿы, адәы Мариенплац азааигәара. Ара астуденцәа аҭыԥ ԥшӡаррақәа рацәаӡаны ирбоит. Арезиденция бзиаӡаны еиқәыршәоуп, 2-4 ҩык зкуа, иманшәалоу ауадақәа, Wi-Fi, иара убас абилиард,нас аишәатә шьапылампыл. Ацәарҭа рыԥсахуеит апрограмма инақәыршәаны, ампахьшьқәа рырҭоит.Иара убасгьы ихаҭәаау акрыфара рыдыргалоит: шьыжьхьа,шьыбжьхьа,уаххьа.

Арезиденциаҿы анхара даара ирзыманшәалоуп аиҿцәажәара бзиа избо астудентцәа,ҽынлатәи аспорти арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәеи ирызҿлымҳау. Астудентцәа зегьы 24 сааҭ ахылаԥшра рымоуп ашкол аусзуҩцәа рҟынтәи. Аҵаратә процесс убас еиқәыршәоуп, иманшәалоуп, ахәыҷқәа рыҩны иҟазшәа рбартә еиԥш.

Есыҽны, аурокқәа рышьҭахь,хәылбаҽхала, астудентцәа ирзеиҿыркаауеит узырлахҿыхуа аусмҩаԥгатәқәа.

Аекскурсиа: Абаагәара Ноишванштаин, аббатство Андекс. Гармиш-Партенкирхен, иара убас Аугсбург, Ульм и Ниурнберге. Миунхен шьапылатәи аныҟәарақәа: Англиатәи абаҳча, Олимпиатәи апарк, BMW World и уҳәа иҵегьы ирацәаны.

 

Апрограмма ахәԥса аӡәы изы евро ала,2019 ашықәс

Апрограмма ахьӡ

Арыцху

Заҟа мчыбжьы

Ахәԥса

Истандарту акурс

16.06 - 24.08.2019

2 мчыбжь

3 мчыбжь

1 450

2 175

Интенсивтәу акурс

2 мчыбжь

3 мчыбжь

1 550

2 325

Ахәԥса иҭаӡоит:

Хазы аху ахшәаатәуп:

- Аҵареи анхареи иалышәхыз апрограмма ала
-
Акрыфара- ихаҭәаау апансион
Хәыда-ԥсадатәи ацхыраара акциа аҩныҵҟа*
- А
ԥшьгареи ацхыраареи аҵараиурҭа алхраан
-
Апрограмма абронь азура,аҵараиурҭа аҟынтәи иахәҭоу ашәҟәқәа роура

-Аҳаиртә билеҭқәа рынкылара
-
Аҽыхьчаратә билеҭ алҩаара


-
Аҵараҿы иҟоу астудент ихылаԥшра
-
24/7 аимадараҿы аҟазаара

- Абанк аҟынтәи аԥара аиагара 65 у.е.
-
Авиза аҟаҵара 95 у.е.
-
Аҽыхьчара 1 у.е./у/ҿ
-
Аҳаиртәбилеҭ 170 у.е. ин
-
Аконсултә еизга 100 у.е.
- атрансфер (ганкахьы) 60 у.е.
- ахәыҷы ихала дԥыруазар аҳаиртә компаниа 35 у.е. ганкахьы ацаразы иазшәатәуп

 

expand_less