+7 (940) 711 13 28

Аҳәаанырцәтәи аҵара

Alexandra College (ECI)

Emerald – ари ашкол 25 шықәса ҵуеит англыз бызшәа зҵарц зҭаху аднаԥхьалоишьҭеи, аус ауеит жәларбжьаратәи аҩаӡара ала, ара аҵара рҵоит адунеи еиуеиԥшым акәакьқәа рҟынтәи иааз астудентцәа.

Аԥхынтәи акәырсқәа ирылагӡаны англыз бызшәа уҵарц улшоит, аҵаратә процесс мҩаԥысуеит иманшәалоу аҭагылазаашьала – аԥхын ԥсшьара иҟоу ашколқәеи,аколлеџьқәеи,ауниверситетқәеи рхыбрақәа рҿы.

Аԥхынтәи аҵара мҩасуеит хаҭалатәи аилазаашьа змоу ашкол Alexandra College аҿы

Ари ирландиатәи ҵараиурҭоуп,апансион аҭыԥҳацәа рзы. 1866 шықәса аахышьҭеи аус ауеит, иамоуп ахатәы традициақәа. Араҟа аҵара рҵоит 600 ҩык инарзынаԥшуа аӡӷабцәа, рықәра: 4 инаркны 19 рҟынӡа ибжьанакуа. Ашколгьы,аҵаҩцәа рынхарҭа ҭыԥи Дублин ауп иахьыҟоу,Милтаун- уи аладатәи ахәҭаҿы. Арантәи ақалақь агәҭанӡа трамваила жәоху минуҭ рыла унаӡоит. Ашкол иаҵанакәа адәы 12 гектар ыҟоуп.Аҵараиурҭа лашарбагала еиқәыршәоуп, ара ирацәоуп аҵараҿы рхы иадырхәо амыругақәа,иара убас алшара бзиа рзаԥҵоуп аспорт зҽазыҟазҵарц зҭаху зегьы. Акампус аспорт дәыла еиқәыршәоуп, иҟоуп ахоккеи,ашьапылампыл,амҵәышәымпыл,регби уҳәа уахьыхәмарша аҭыԥқәа.Иҟоуп иуниверсалтәу ахолл аспорт аҽазыҟаҵаразы,аҟазаратә студиақәа,акрыфарҭа,акаҳуажәырҭа,иара убас аинтернет

Alexandra College ишәыднагалоит аинтерес зҵоу, ихырҳагоу арҵагатә программақәа, уагәылазхалоу аҽазыҟаҵара.

Раԥхьа аԥышәара(тестирование) мҩаԥгахоит,уи иабзоураны еилкаахоит иарбан гәыԥу аҵаҩы дызнаало, анаҩс ирылагоит 60 минуҭ ицо аҽазыҟаҵаракәа.

Иҳадыргало апрограммақәа:
Multi – Activity Programme рнаалоит абызшәа зҵарц егьырҭ ахәыҷқәа ирацәажәаларц зтаху иласу ахәыҷқәа.

Мчыбжьык ахь 15 сааҭ абызшәа рҵоит,насгьы аныҟәарақәа рзеиҿыркаауеит,аспорт рҽазыҟарҵоит,акультура ҭырҵаауеит.

Англыз бызшәа аҽақәтәашьа нацҵаны, ари аҩыза апрограмма шьақәгылоуп аҭыԥантәи аҽыбӷаҟазаратә школ абзоурала. Уигьы алада Дублин ауп иахьыҟоу.Англыз бызшәа шьыжьыла иддырҵоит, мчыбжьык 15 сааҭ, 10 сааҭқ аҽыбӷаҟазара иазыркуеит, амш аҩбатәи ахәҭаҿы

Англыз бызшәа + ашьапылампыл AC Milan – апрограмма, ашьапылампыл бзиа избо ирықәшәо иҟаҵоуп, абызшәа аҵара инаваргыланы ари аспорт хкаҿы аихьӡарақәа роуеит. Астудентцәа мчыбжьык ахь 15 сааҭ абызшәа иахысуеит,шьыжьыла, ашьапылампыл 10 сааҭк мчыбжьык аҩныҵҟа, уи шьыбжьышьҭахь. Аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы иаарыԥхьоит аклуб AC Milan аспортсменцәа.

Англыз бызшәа + регби – аинтерес зҵоу даҽа вариантгьы, аспорти аҵареи реилагӡаразы алшара узҭо. Мчыбжьык 15 сааҭ абызшәа иазкуп, 10 сааҭк регби аҽазыҟаҵара. Ахәмарра шьаҭас иамоу аелементқәа рыдагьы, регби атактика,астратегиа,апсихологиа зегьы удырҵоит.

Англыз бызшәа + гольф – аригьы интересу вариантуп. Шьыжьыла абызшәатә гәыԥ аҿы аҵара рҵоит, шьыбжьышьҭахь агольфтә школ ирзеиҿнакаауеит аҽазыҟаҵарақәа. Абызшәа асааҭқәеи, аспорт асааҭқәеи ишыҟац иаанхоит.

Аспортә ҽазыҟаҵарақәа нҭырҳәыцааны имҩасуеит, шьаҭалатәи аелементқәа инадыркны аетикет аҟынӡа.

Англыз бызшәа+ музыка шьақәгылоуп шьыжьылатәи абызшәа аҵареи,хәылбыҽхалатәи амузыка аҽазыҟаҵарақәеи рыла.

Арҵаҩцәа азанааҭ иазҟазоу роуп-адирижиорцәа,ақәгыларақәа змоу амузыкантцәа.

Анхарҭа ҭыԥ аҭагылазаашьа:
Дарбанызаалаак астудент ихатәгәаԥхарала иалихыр илшоит акампус аҿы анхара, мамзаргьы аҭаацәара рҿы.

Хаҭалатәи арезиденциа ахьыҟоу шьапыла 10 минуҭк рыла унаӡоит. Астудентцәа уадак аҿы ҩыџьа-ҩыџьала инхоит, уахь иаҵанакуеит хаҭалатәи аҽыӡәӡәарҭагьы. Астудентцәа здызкыло аҭаацәагьы ааигәаны инхоит.

Апрограмма ахәԥса аӡәы изы 2019 тәи ашықәс азы ,иаарԥшуп евро ала

 

Апрограмма

ахьӡ

арыцху

Заҟа мчыбжьы

Аҭаацәара

рҿы анхара ахәԥса

Арезиденциаҿы анхара ахәԥса

Multi-activity course

01.07-26.07.2019

2 мчыбжь

3 мчыбжь

4 мчыбжь

1 610

2 375

3 095

1 810

2 675

3 500

Англыз бызшәа + ашьапылампыл AC Milan

08.07-26.07.2019

2 мчыбжь

3 мчыбжь

2 160

3 200

2 610

3 875

Англыз бызшәа + аҽыбӷаҟазара

Англыз бызшәа + гольф

08.07-19.07.2019

2 мчыбжь

2 210



2 660

Англыз бызшәа +
регби

15.07-26.07.2019

2 мчыбжь

2 160


2 610

Англыз бызшәа + амузыка

01.07-12.07.2019

2 мчыбжь

2 340

2 540

Ахәԥса иаҵанакәеит:

Хазы аху ахшәаатәуп:

- Шәара иалышәхыз апрограммеи анхарҭа ҭыԥи

- Акрыфара - ихаҭәаау апансион

-Хәыда-ԥсадатәи ацхыраара акциа аҩныҵҟа*

- Алабжьареи ацхыраареи ишәнаало аҵараиурҭа алхраан

- Апрограмма абронь азура, аҵараиурҭа аҟынтәа иахәҭоу ашәҟәқәа роура

- аҳаиртә билеҭқәа абронь рзура

- аҽыхьчаратә билеҭ алҩаара

- Аҵараҿы иҟоу астудент ихылаԥшра

- 24/7 аимадараҿы аҟазаара

- Абанк аҟынтәи аԥара аиагара 65 у.е.

- Авиза аҟацара 135 у.е.

- Аҽыхьчара 1 у.е./сут

- Аҳаиртә билет от 25у.е.

- Аконсултә еизга 80 у.е.

- Атрансфер 60 у.е

 

expand_less