+7 (940) 711 13 28

Аҳәаанырцәтәи аҵара

Италиа

Италиа европатәи ацивилизациа шьаҭас иамоуп. Уи иссиру аԥсабареи, аҵасқәеи, акультуреи змоу тәылоуп.

Адунеи зегьы аҿы иеицырдыруеит, ҳаҭыргьы рықәуп уи архитектуратә баҟақәеи, амодеи, аҟазареи. Ари атәыла аекономика аганахь ала аԥыжәара змоу Европа атәылақәа ирыдуп. Аиталиан бызшәа зҵарц зҭаху рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа иазҳауеит. Италиа иааннаклыоит аԥхьатәи аҭыԥқәа адунеи аҿы аҵараҿы ишеиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла: абизнеси, атуризми, амодеи, адизаини рҿы, аԥсабараҭҵаарадырратә хырхарҭаҿи агуманитартә хырхарҭаҿи.

Италиатәи Иеиҳау аҵареиурҭақәа рҿы ироуа аҵара адунеи аҿы зегьы иреиӷьуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Ара аҵара иахысуеит иеицырдыруа авокалистцәа, асахьаркыратә академиақәа рыстудентцәа. Арҿиарауаа жәпаҩык Италиа «игәыгәҭажьу џьанаҭ» ирзаҩызоуп. Ара ирацәоуп аҟазарақәа ракадемиақәа, адизаин ашколқәа, аконсерваторқәа. Ари апрофель иазку аҵараиурҭа ԥхьагылақәа иреиуоуп Милана иҟоу DomusAcademy, NuovaAccademiadiBelleArti (NABA). NABA арҵаратә программақәа ирҭагӡаны иаҳа ахшыҩзышьҭра рырҭоит абакалавриат апрограммақәа. Арҵара мҩаԥысуеит италиан бызшәала.

Академиа Domus алшара рнаҭоит абакалавриат аҩаӡара змоу астудентцәа рыквалификациа азырҳара, амагистратура апрограммақәа рыла рҵара ацҵара. Италиа аҵакырадгьыл аҿы аус руеит 83 университет. Урҭ рҟынтәи 58 ҳәынҭқарратә усбарҭақәоуп. Италиатәи Иеиҳау аҵареиурҭақәа рҭаларазы иаҭахуп абжьаратә ҵараиурҭа ушалгаз атәы зҳәо аттестат. Уи инацҵаны иаҭахуп шықәсык ма ҩышықәса Иеиҳау аҵараиурҭаҿы аҵара шуҵоз зырҵабыргуа ашәҟәы, аиталиан бызшәа адырра. Англыз бызшәа апрограммала аҵара аҵаразы адкыларҭатә комиссиахь инагатәуп асертификат (англыз бызшәа шудыруа атәы зҳәо). Апрофильтә маҭәарқәа рыла адкыларатә ԥышәара азгәаҭоуп анџьныртәи амедицинатәи хырхарҭақәеи аиуриспруденциеи ралхраан. Иеиҳау аҵараиурҭақәа рҭалараан аиталиан бызшәа аҵара иазку акурсқәа ирхыстәуп. Акурсқәа рыбзоурала иудыруа уҟалоит атәыла акультура, урацәажәо уҟалоит аиталиан бызшәа зхатәы бызшәоу ауаа. Атәылаҿы ирацәоуп адизаини, аҟазареи, алитературеи, акультуреи ирызку апрофильтә курсқәа. Азыҟаҵарақәа раан ирҭаауеит атеатрқәа, аҟазарҭақәа, амузеиқәа.

Италиа аҵара зҵарц зҭаху, аиталиан бызшәа ззымдыруа астудентцәа аҵара рҵар рылшоит амагистртә программақәа рыла англыз бызшәала аекономиеи, асоциологиеи, аполитикеи, абиологиеи, анџьныри, агеологиеи рфокультетқәа рҿы, иара убас иаҳа ҳаҭыр зқәу ахырхарҭақәа рфакультетқәа рҿы.

Аҳәаанырцәтәи атәылауаа абжьаратә ҵара роур ҟалоит ахатә школ мацарақәа рҿы ма иҷыдоу жәларбжьаратәи аҵараиурҭақәа рҿы. Зегьы иеицырдыруеит абжьаратә школ theRenaissanceSchool. Ари ашкол аҿы Иеиҳау аҵараиурҭақәа рҭаларазы азыҟаҵара роуеит Канадантәи, Великобританиантәи, Европантәи иаауа абитурентцәа.

Италиа аҵара иунаҭоит иԥкым алшарақәа атәым бызшәа аԥхьаҟа аҵаразы, иагьуоуеит жәларбжьаратәи астудент адоиплом. Астудентцәа ирбар рылшоит Леонардо да Винчи, Рафаель, Микеланџыела уҳәа егьырҭ аҭоурыхтә фырхацәа ахьиз-иахьааӡаз аҭыԥқәа, атәыла иамоу зқьышықәсалатәи аҵасқәеи акультуреи.

Италиа – ари Мраҭашәаратәи Европа абырлаш ауп. Уи иеиқәнархеит ахаҿра, иалшеит аамҭа иқәнаргылоз аԥышәара ҳаҭырла ахгара.

expand_less