Испаниа
Испаниа аӡбахә рҳәоижьҭеи шәышықәса ракәым иҵуа. Ашәҟәыҩҩцәа дуқәа жәпаҩык рцәаҳәа хазынақәа азыркит ари атәыла ссир. Амузыкантәцәеи, асахьаҭыхыҩцәеи, арҿиаҩцәеи жәпаҩык рзы ари атәыла гәышьҭыхганы иҟалеит арҿиаразы.
Иахьагьы ауаа ари атәыла интересс ирымоуп. Уи иазку алегендақәа рацәоуп. Аиспан ажәақәа «атеста», «афиеста», «акоррида» уҳәа убас иҵегьы адунеи аҿы ауаа рхы иадырхәоит.
Испаниа злардыруа иреиуоуп акәашара «фламенко». Аиспанцәа ирыхӡыӡаауеит, ирыхьчоит рҵасқәа, рҭоурых, ркультура.
Испаниа знык избаз (иацны иааз) игәаҿы наунагӡа иаанхоит, ахаан ихашҭуам. Испаниа инеиуа алшара иоуеит Адгьылбжьаратәи амшын аҭалара, аиспан культура адырра, испаниатәи аҭыԥ ԥшӡарақәа рбара.
Аӡәы иҭахуп ари атәыла амузеиқәа зегьы еимидар, даҽаӡәы иҭахуп асахьақәа рцәыргақәҵақәа ибар, даҽаӡәыхгьы иҭахуп ара лассы-лассы имҩаԥысуа акарновалқәа иҽрылаирхәыр.
Урыстәыла атәылауаа лассы-лассы иаҭаауеит ари амратәыла. Урҭ рахьтә шьоукы ара рыԥсы ршьоит, шьоукы аҵара рҵоит, даҽа шьоукы ара аԥсшьареи аҵареи еиларыгӡоит, рыԥсгьы ршьоит, аҵарагьы рҵоит . Шьоукы аԥсшьара рҽахаршәаланы аиспан бызшәа аҵара иазку акурсқәа рахь иныҟәоит.
Аиспан бызшәа адырра иунаҭоит алшара уи зхатәы бызшәоу ауаа рацәажәара, урҭ ркультура ибзианы аҵара.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы аиспан школқәа рҿы аҵара армариаразы апрограммақәа хәҭа-хәҭала ирызнаргоит еиуеиԥшым афилиалқәа рҿы. Уи иабзоураны арҵара иеиуеиԥшым аформақәа аанахәоит, уи аҵаҩцәа рыгәҿыӷьра рыхнарԥсаауеит. Ашколқәа жәпакы рҿы аиспан бызшәа анаҩсгьы ирҵоит англыз бызшәа.
Убри аҟнытә дарбанзаалак Испаниа даныҟоу (дыҟанаҵы) урҭ абызшәақәа руак иҵар илшоит.
Испаниа иҟоуп испан бызшәала аҵара ахьыддырҵо аиспан школқәа. Иҟоуп ара иара убас ахәыҷы британиатәи аҵара ахьиоуа ашколқәагьы.
Испаниатәи ауниверситетқәа реиҳарак ҳәынҭқарратә усбарҭақәоуп, ахатә университетқәа маҷуп (рацәаӡам). Аиспанцәа Иеиҳау аҵараиурҭақәа рҭалара уиаҟара иашьҭаӡам, уи иабзоураны егьырҭ атәылақәа рҟынтәи арахь иаауа алшара роуеит урҭ рҭалара. Ари атәылаҿы арҵара аҭоурых ду амоуп. Ара арҵара иалагеит заатәи Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы, Саламанка ауниверситет аартын 1218 шықәсазы.
Дарбанзаалак дазхәыцуеит европатәи адиплом аиура, Урыстәыла атәылауаа жәпаҩык есышықәса испаниаҟа ицоит, араҟа Иеиҳау аҵараиурҭақәа руак аҭаларазы. Уи идыру усуп, избанзар аиспан бызшәа адунеи аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит уи ахархәарала, уи абызшәала ицәажәоит 20 тәыла рҿы, еиҳаракгьы Аладатәи Америка. Ари атәылаҿы аҵара ахаҭабзиара даара иҳаракуп, аҵара ахәгьы уиаҟара идуӡам, уаҩ имч ақәхартә иҟоуп. Ара аҵара уоуеит иеиуеиԥшым азаанаҭқәа рыла, ара иудырҵоит аԥсҭазаараҿи аусураҿи иаҳа иаҭаху.
Актәи акурс инаркны иаларгалоит азаанаҭтә маҭәарқәа, урҭ амаҭәарқәа ахылаԥшра ду арҭоит. Ара аҵара уҵар ҟалоит испан бызшәалеи англыз бызшәалеи, аха англыз бызшәала зехьынџьараҵәҟьа арҵара ыҟаӡам. Англыз бызшәала аҵара ахьуоуа еиҳарак Иеиҳау ахатә ҵараиурҭақәа рҿы ауп. Ауниверситетқәа зегьы рҿы иеиҿкаауп аҳәаанырцәтәи астудентцәа рзы абызшәақәа дырҵара (рҵара) иазку акурсқәа. Арҭ акурсқәа рҿы абитурентцәа (аҵареиурҭа аҭалаҩцәа ирҵоит аԥхьаҟа аҵара зларҵо абызшәақәа.
Леонардо да Винчи ишиҳәоз еиԥш, атәылақәа рҵареи акультура ҿыцқәа рдырреи зегьы иреиӷьу фатәуп ахшыҩ азы, зегьы иреиӷьу рԥшӡагоуп ауаҩы изы. Европа иара убас аҳәаанырцә аҵара аҵара – уи зегьы иреиӷьу лшароуп аҵара аиуразы, даҽа культурак улауааӡарц азы, ԥхьаҟатәи аԥсҭазааразы адырра бзиақәа риуразы. Ари аҩыза алшара уаҩумыжьроуп.