+7 (940) 711 13 28

Аҳәаанырцәтәи аҵара

Ирландиа

Ирландиа – адунеи аҿы иџьашьахәу атәылақәа ируакуп. Уахь ацаны-аара угәы иҭымҵәо иаанхоит. Ара угәы ҟарҵоит иуникалтәу (здаҟам) аԥсабара, хыԥхьаӡара рацәала иҟоу аҵиаақәа, аӡыбжьахақәа, Кельттәи амшын аԥшаҳәаҿы иҟоу ахрақәа. Ари аҳәынҭқарра аофициалтә хьӡы Ирландиатәи Ареспублика ауп. Ари атәылеи Великобританиа иалоу Аҩадатәи Ирландиеи еиларҩашьатәым. Анкьа арҭ Ирландиақәа аҩбагьы Англиа иалан, ашьҭахь Ирландиатәи Ареспублика хаз иҟоу ҳәынҭқарраны ишьақәгылеит, ихьыԥшым ҳәынҭқарраны иҟалеит. Ари атәыла шьҭоуп Европатәи ахԥатәи адгьылбжьаха ду аҿы. Ара аекологиа даара ицқьоуп. Ари афакт аирландеццәа даара иазыгәдууп. Атәыла аҵакырадгьыл аҿы ахаан иҟамлацт агәабзиара иаԥырхагоу ааглыхра. Урҭ иаҳа иеиӷьыршьоит аԥсыӡкреи ақыҭанхамҩеи рнапы алакызар. Ирландиа ирааӡоит, иркуеит иеиуеиԥшым аԥсыӡ хыкқәа: амидиа, акалмаҳа, амлагәыржәлақәа, аустрицақәа, алобстерқәа уҳәа егьырҭ аӡы иҭақәоу.

Ари атәылаҿы ауаа аҩышьеи аԥхьашьеи рдыруа аҟаҵара иашьҭоуп. Убри аҟнытә алагарҭатәии абжьаратәии ҵара амазаара зегьы рзы ихымԥадатәиуп. Ашколынӡатәи азыҟаҵарақәа рахь иныҟәоит 4-6 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа, фышықәса зхыҵуа ахәыҷқәа ашкол иҭалоит.  Абжьаратә школ аус ауеит Британиа еиԥш. Ахәыҷқәа ашьаҭатә маҭәарқәа рнаҩсгьы иалырхыр рылшоит дара ирҭаху амаҭәарқәа. Ашколтә ԥышәарақәа зҭиуа дарбанзаалак дҭалар илшоит ирландиатәи ма европатәи Иеиҳау аҵараиурҭа.

Егьырҭ атәылақәа рҟынтәи Ирландиаҟа иааз ашколхәыҷқәеи аҵаҩцәеи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рымоуп. Дарбанзаалак аҳәаанырцәтәи ашколхәыҷы дирҭоит аҭыԥантәи аҵасқәа рышьцылараҿы, аҵараҿы ацхыраара изҭо анапхгаҩы. Ирландиатәи ашкол аҭалара ус имариам, уи азы ибзианы идыртәуп (иудыруазар ауп) англыз бызшәа. Ашкол аҭаларазы ахәыҷы аԥхын англыз бызшәа арҵара иазку акурсқәа рахь дныҟәалар ауп. Урҭ акурсқәа мҩаԥсуеит есышықәса. Урҭ рахь иныҟәалар рылшоит аашықәса иеиҳаны изхыҵуа ахәыҷқәа.

Урҭ акурсқәа еиҿыркаауеит ауниверситет ашьаҭала. Уа иаԥҵоуп аҭагылазаашьа бзиақәа аԥсҭазааразы, аспорт аҽазкразгьы.

Аҵараиурҭақәа рҟынтәи иаҳа иеицырдыруа иеиуоуп Тринититәи аколлеџьи Дублинтәи ауниверситети. Дублинтәи ауниверситет еиҿылкааит Елизовета I. Ари зегьы реиҳа ижәытәтәиу университетуп. Иеицырдыруа ауаа рацәаҩны. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Нобель ипремиа иалауриатцәоу.

Ара аҵара рҵон Џь. Свитфт, О. Уальд убас егьырҭгьы.

Ирландиатәи ашкол иалго дарбанзаалак илшоит иарбанзаалак европатәи аҵараиурҭа аҭалара абжьаратә ҵара шиоуз ала  асертификат имазар. Уи дцар илшоит иеиҳау аҵараиурҭа аҭаларазы Австралиаҟа, Зеландиа Ҿыцҟа, Америкаҟа.

Англыз бызшәа аҵаразы Ирландиа аҭагылазаашьа бзиа ыҟоуп. Ара аҵара уҵоит англыз бызшәа зхатәы бызшәоу ауаа урацәажәо, иуоуеит абритантә ҩаӡара змоу аҵара, ах иара атәыла иаҳа  ахашәалахәы азҭо ахәқәа рыла. Ирландиа рхы иадырхәо аевро ауп, афунт стерлингқәа ракәӡам. Уи иунарбоит атәыла ахашәалахәы аиура хықәкыс ишамоу. Ара инхо ауаа ргәы разуп, ауаа рацәажәара бзиа ирбоит. Абызшәатә курсқәа рахь аныҟәара иаҳа иеиӷьуп зегьы реиҳа иԥхарроу амзазы - ԥхынгәымзазы. Аҳауа ара иҟәымшәышәуп, аӡынгьы унеи-ааиларгьы ҟалоит, астудентцәа рацәаҩӡам, агәыԥ маҷқәа рҿы аҵара рҵоит, арҵаҩцәа урҭ агәцаракра ду рырҭоит.

Аирландеццәа амузыка бзиа ирбоит, ирыхӡыӡаауеит, ирықәныҟәоит рҵасқәа. Иџьашьатәым, Ирландиа агерб амузыкатә маҭәахә ахьану.

Ара  аконцертқәа  рацәаны имҩаԥысуеит. Ара иуҵар улшоит аирланд кәашарақәа, урҭ акәашарақәа аирландеццәа гәахәарыла иудырҵоит. Ара аԥсшьаразы иссиру ҭыԥуп. Ара иубар улшоит атәыла акәакь харақәа, аԥсабара џьашьахә.

Ара аныҳәақәа уҽрылаурхәыр улшоит. Ара инарҭбааны иазгәарҭоит Патрик Имш. Атәылаҿы ирацәоуп аҭоурыхтә ҭыԥқәеи аҭыԥ ԥшӡарақәеи. Ара ухызхуа иреиуоуп ақалақьқәа ржәытә архитектура. Ара ишәылшоит ауаа ҿыцқәеи шәареи шәеибадырыр, урҭ рбызшәала шәрацәажәар.

expand_less