+7 (940) 711 13 28

Аҳәаанырцәтәи аҵара

Бельгиа

Бельгиа – ари Мраҭашәаратәи Европаҿы рацәак идуум ҳәынҭқарроуп. Ари атәыла уадзыԥхьало иреиуоуп ҳаамҭазтәи ақалақьқәа, иҿиахьоу аинфраструктура, ибеиоу аҭоурыхи акультуреи. Ари атәыла Франциеи, Нидерландыи, Германиеи ирыдуп. Бельгиа аҳҭнықалақь Бриуссель ауп. Уи Евросоиуз политикатә центрс иамоуп. Ара иҟоуп НАТО аблоки Европатәи аидгылеи рыштабквартира.
Административтә еиҟәшара иеиднакылоит ихадароу ауаажәларрақәа хԥа: анемец, афранцыз, афламандтә. Ара бельгиатәи абызшәа ҳәынҭқарратә бызшәас иԥхьаӡаӡам. Ари атәыла аҵакырадгьыл аҿы ҳәынҭқарратә бызшәақәак раҳасабала ахархәара рымоуп: афламанд, афранцыз, анемец бызшәақәа. Атәылауаа реиҳараҩык цәажәоит англыз бызшәала. Бельгиа аҵара аиура аԥыжәара аманы иҟазҵаз иреиуоуп уи европатәи аҳәынҭқарра (адержава) ԥхьагылақәа ахьагәылацәоу (гәылацәас иахьамоу), насгьы абызшәатә плиурализм ахьыҟоу (абызшәақәа маҷымкәа ахархәара ахьрымоу). Бельгиа аҵакырадгьыл аҿы абжьаратә ҵара аиура аситемахь иаҵанакуеит алагарҭатә школи аколлеџьи. Алагарҭатә школ аҿы аҵаҩцәа ироуеит ашьаҭатә маҭәарқәа ирызкны адыррақәа фышықәса рыҩнуҵҟала. Аколлеџь аҿы арҵара х-етапк рыла ишьақәгылоуп. Етапцыԥхьаӡа ҩба-ҩба шықәса аҵара рҵоит. Ԥшьышықәса астудентцәа ахысуеит ихымԥадатәиу аҵара актәи аетап. Егьырҭ аетапқәа ҩба азкуп иеиҳау аҵара аиуразы иаҭаху амаҭәарқәа рҵара. Аклассикатә школқәа шоит ахатәи аҳәынҭқарратәи усбарҭақәа ҳәа. Аҳәаанырцәуаа рхәыҷқәа аҵара рҵоит еиҳарак ахатә школқәа рҿы. Аҭаацәа ирҭахызар урҭ рхәыҷқәа ирылшоит бельгиатәи ашколқәа рҿы аҵара рҵаларц, урҭ рхатәы бызшәа ибзианы ирдыруа иҟаларазы. Зегь реиҳа идуу школны иҟоуп жәларбжьаратәи Бриуссельтәи ашкол. Ари ашкол аҿы арҵара апроцесси арҵагатә программақәеи америкатәи астандартқәа ирықәшәоит. Иазгәаҭатәуп ари ашкол иалго аҵаҩы атәым бызшәақәа ҩба ибзиаӡаны идыруа дшыҟало.
Бельгиа европатәи аконтинент аҿи адунеи зегьы аҿи зегьы реиҳа ишәарҭам, иҭышәантәалоу тәылоуп. Ауаажәларра аҿиара азҵаарақәа ирызку ООН есышықәсатәи аҳасабырбаҿы иазгәарҭоит Европатәи ацуаажәларра алахәцәа рҟынтәи Бельгиа ишааннакыло актәи аҭыԥ, адунеи аҿы ахәбатәи аҭыԥ аԥсҭазаара аҩаӡара аганахьала. Ари атәылаҿы аиммигрантцәа ирылшо зегьы ҟарҵоит ара аанхаразы, аԥсҭазаара ҿыц алагаразы.
Астатистика ишьақәнарӷәӷәоит Бельгиа атәылауаҩра аиуразы егьырҭ европатәи атәылақәа ишраԥысыз. Бельгиа анхара, жәларбжьаратәи адиплом аиура зҭаху рацәаҩӡоуп. Бельгиа Иеиҳау аҵара аиура иунаҭоит аԥеиԥш бзиа. Атәылаҿы иҟоуп ахатәии аҳәынҭқарратәии Иеиҳау аҵараиурҭақәа.
Ара иуоуеит азанааҭқәа рацәаны аԥсабаратәии агуманитартәии ҭҵаарадыррақәа рхырхарҭақәа рыла. Иеиҳау ахатә ҵареиурҭақәа рыла разыҟаҵара. Бельгиатәи ауниверситетқәа рҿы ҩышықәса абакалавриат аҵара рҵоит, хышықәса рҟынӡа амагистратураҿы, шықәсык адокторантураҿы.
Бельгиатәи Иеиҳау аҵараиурҭақәа рҿы аҵара иацызҵарц зҭаху егьырҭ атәылақәа ртәылауаа дара ртәылаҿы ауниверситет аҿы актәи акурс иалгароуп ма Евросоиуз аҿы ироуроуп абжьаратә ҵара. Иеиҳау аҵараиурҭақәа реиҳарак рҿы аҭаларатә ԥышәарақәа азгәаҭаӡам (ыҟаӡам), аха Иеиҳау аҵараиурҭа ԥхьагылақәа иаларгалеит абитурентцәа (аҭалаҩцәа) рзы атестҭаратә (тестирование) система. Ахыԥхьаӡалараан (аҭалараан) хымԥада идыртәуп афломанд, афранцыз бызшәақәа ма англыз базшәа. Бельгиа аҵара аиура ԥарашәарала ауп ишыҟоу (ԥарашәаралатәиуп), аха ахәқәа ҳаракцәам. Агрантқәеи астипендиеи уоуртә аҭагылазаашьақәа ыҟоуп.
Зхы иақәиҭу Бриуссельтәи ауниверситет амилаҭрацәа зҭоу Иеиҳау ҵараиурҭа ԥхьагылоуп. Ауниверситет еицырдыруеит амедицинеи, аекономикеи, афизикеи русхкқәа рҿы иаанарԥшхьоу аихьӡара дуқәа рыла. Аҳәаанырцәтәи астудентцәа иалырхуа хырхарҭақәоуп Бельгиа ҳаҭыр зқәу абизнеси аекономикеи. Атәылаҿы аус руеит Мраҭашәаратәи Европаҿы иреиӷьӡоу абизнес – школқәа.
Апрограмма ԥхьагыла Executive МВА еиқәыршәан Антверпентәи ауниверситет иеиҿкаау бельгиатәи аменеџьмент ашкол аҿы. Ахырхарҭа ҷыдақәа рахь иаҵанакуеит атәылаҿы иҟоу абызшәатә курсқәа. Лассы-лассы арахь иаауеит ашколхәыҷқәа аԥхынтәи аԥсшьара мшқәа раан, ара Иеиҳау аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵарц зҭаху астудентцәа, иара убас аусура ҿыц иашьҭоу иеиуеиԥшым азанааҭқәа змоу ауаа. Акурсқәа рҿы иддырҵоит афранцыз, англыз, анемец, аголланд бызшәақәа.
Бельгиа зегьы реиҳа иеицырдыруа школуп Ceran Lingua. Уи ыҟоуп акурорттә қалақь Cnа. Ари ашкол аҿы абызшәақәа қәҿиарала иддырҵоит 35 шықәса инареиҳаны. Арҵара мҩаԥыргоит авторитет змоу арҵаҩцәа. Урҭ рхы иадырхәоит аԥхьагылара змоу арҵаратә методикақәа. Аҵаҩцәа ирылшоит аамҭа кьаҿк иалагӡаны абызшәақәа рҵара. Ашкол иеиҿнакаауеит аҵаҩцәа рзы Бельгиа аҩнуҵҟа аныҟәарақәа. Аҵаҩцәа ирбоит иуникалтәу аҭыԥ ԥшӡарақәеи аҭоурыхтә ҭыԥқәеи. Аҵаҩцәа иддырбоит абжьаратәи ашәышықәсақәа рықалақьқәа – Бриугге, Бриуссель. Гент, Льеж. Урҭ рбара аҵаҩцәа агәахәара ду рнаҭоит. Бельгиа аныҟәара наунагӡа угәаҵаҿы иаанхоит.
expand_less