+7 (940) 711 13 28

Аҳәаанырцәтәи аҵара

Австриа

Австриа Европа агәҭаны Альпиатәи ашьха ҳаракқәа ршьапаҿы ишьҭоу лакә тәылоуп. Аҭоурыхи, акультуреи, афилософиатә хшыҩҵаки, атехнологиақәеи ирыбзоураны Австриа ҟалеит европатәи аконтинент аҿы зегьы реиҳа уздызыԥхьало, узыршанхо ҭыԥны. Ари аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Вена культуратә центруп. Уи архитектура даҽа архитектурак иеиԥшым, иуникалтәуп. Уи анхаразы зегьы реиҳа иманшәалоу қалақьуп. Анкьа зны ара рырҿиамҭақәа аԥырҵон акомпозиторцәа Моцарт, Шуберт, Бетховен, иҭҵаарадырратә усумҭақәа аԥиҵон Зигмунд Фреид, Австриа аҵакырадгьыл аҿы иҟоуп атуристцәа ибзианы иеицырдыруа ҨНЕСКО Адунеизегьтәи аҭынха аобиектқәа: Зальцбурги Венеи ржәытәтәи ахәҭақәа, Шионбрунн ахан. Атәыла аҵакырадгьыл шдуумгьы, уи адунеи аҿы зегьы реиҳа ибеиоу атәылақәа ируакуп, уи аекономика адәахьтәи акризисқәа (аиԥҟьарақәа) ирцәыхьчоуп.
Есышықәса миллионҩыла атуристцәа адунеи зегьаҟынтәи Автсриа аҭыԥ ԥшӡарақәа ирҭаауеит, астудентцәа рҽазыршәоит иеицырдыруа (ҳаҭыр зқәу зыхьӡ хара инеихьоу) атәыла ауниверситетқәа рҭалара. Астатистика ишьақәнарӷәӷәоит австреиццәа (австриаа) зегьы реиҳа аҵара змоу амилаҭқәа ишреиуоу. Ари атәыла иадзыԥхьало иреиуоуп аҵара ахаҭабзиара ҳаракы, зегьы реиҳа иҿыцу апрограммақәа рхархәара, астудентцәа ирымоу анхарҭа бзиақәа, иеиҳау аҵараиурҭақәа рҿы аҵара ахәԥса ахьыҳаракым. Урҭ зегьы инарыцҵаны ара дарбанзаалак иоуеит алшара бзиа анемец бызшәа ибзианы аҵаразы.
Убри аҩыза агәаанагара ыҟоуп Австриа анемец бызшәа иаҳа иеиӷьны иуҵоит Германиа аасҭа ҳәа. Уи зыдҳәало уи ауп, австриеццәа иаҳа иԥшӡаны (иаҵаҽырбаны), амелодиа аҵаҵаны ицәажәоит, иара убасгьы ара абызшәа аҷыдарақәа рдырразы иаҳа алшарақәа ыҟоуп. Атәылаҿы англыз бызшәалагьы арҵара мҩаԥысуеит. Уи иабзоураны Австриаҟа иаауеит иеиҳау аҵара аиуразы.
Австриа абжьаратә ҵара аиура ҳаҭыр ақәуп. Убри ауп мзызс хаданы иҟоу аҭаацәа рхәыҷқәа иреиӷьу австриатәи ашколқәа иахьырҭарҵо.
18 ашәышықәсанӡа абжьаратә ҵара зауаз амал змаз атәыла ауааԥсыра рхәыҷқәа ракәын, иахьа аҵара аиура иақәиҭуп изҭаху зегьы. Ара иҟоуп ашколқәа – апансионқәа. Урҭ рҿы ахшыҩзышьҭра ду арҭоит аҵаҩцәа ганрацәала рырҿиареи рылшарақәеи. Венатәи ашкол Amadeus International school ашьаҭала амаҭәар хадақәа рҵара инаваргыланы инарҵауланы иддырҵоит амузыка. Аҭаацәа иалырхуеит рхәыҷқәа рзы ирҭаху арҵара система: англиатәи, америкатәи, австриатәи. Иааидкыланы австриатәи ашколтә ҵара шьақәгылоуп ихадоу хы-хәҭак рыла: алагарҭатә, азеиԥшҵаратә школи, агимназиеи рыла. Агимназиа аҭалараан заанаҵы иҭитәуп иуадаҩу аҭаларатә ԥышәарақәа. Агимназиа ианалгалак ашьҭахь, аҵаҩцәа ироуеит аттестат атәылаҿы иреиӷьу Иеиҳау аҵареиурҭа аҭаларазы ма егьырҭ Европатәи аҳәынҭқаррақәа руниверситетқәа рҭаларазы.
Австриатәи ауниверситетқәа урыдзыԥхьало иреиуоуп аҵаратә ҵасқәа. Аҵараиурҭақәа жәпакы адунеи аҿы иеицырдыруа иҟоуп. Урҭ иреиуоуп: Венатәи ауниверситет (University of Vienna), Венатәи атехникатә университет (Vienna University of Technology), Инсбруктәи ауниверситет, Карли Франци рыхьӡ зху Грацтәи ауниверситет (Karl – Franzens – Uniwersitt Groz). Австриа аҵакырадгьыл аҿы аус ауеит Болонтәи аҵара асистема, уи иазыԥхьагәанаҭоит х-ҩаӡарак: абакалавр, амагистр, адоктор. Дарбан студентзаалак алшара имоуп ихала ихатә мшеихшанҵа ашьақәыргылара, иара иқәшәо (ииҭаху) амаҭәарқәа ралхра, иара убас акурстәи адипломтәи усумҭақәа ртемақәа ихала ралхра. Аҵараҿы ароль ду нарыгӡоит ахатә леишәеи аҭакԥхықәреи.
Австриа аҵакырадгьыл аҿы иеиҳау аҵара роуа иалагеит 1365 шықәса инаркны. Абри ашықәсан иаартын адунеи зегь аҿы иеицырдыруа Венатәи ауниверситет. Аҵареиурҭа адгылоит астудентцәа реиҭныԥсахлара – Erasmus апрограмма. Астудентцәа рхыԥхьаӡара ахьырацәоу аҩбатәи ауниверситет – уи Карли Франци рыхьӡ зху ауниверситет аҿы ауп. Ари Иеиҳау аҵараиурҭа апрофессорцәа реиҳараҩык Нобель ипремиа иалауриатцәоуп ахимиеи афизикеи русхкқәа рҿы.
Атәылаҿы азанааҭқәа рҵара иеиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы имҩаԥысуеит. Аекономика рҵоит Вена. Атехникатә ҭҵаарадыррақәа рҵоит Грац, аиусприденциеи азини ддырҵоит Зальцбург. Азанааҭқәа рҵара абас қалақь – қалақьла ишеихшоугьы, аҵара аиура аусхк аҿы аԥыжәара амоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит Вена. Ара иҟоуп аҟазарақәа ракадемиа, атехникатәи амедицинатәи университетқәа. Астудентцәа иаҳа ҳаҭыр зқәырҵо, ирҭаху Австриа аҳҭнықалақь ауп. Аҵара аҵара анаҩсгьы ара иубар улшоит аҭоурыхтәи архиалогиатәи баҟақәа, урҭаар улшоит атеатрқәеи, амузеиқәеи, аопереи.
Австриатәи Иеиҳау аҵараиурҭақәа рҭаларазы адкыларатә комиссиахь инагатәуп азеиԥш бжьаратә ҵара аиуразы аттестат, ишьақәыргылатәуп анемец бызшәеи англыз бызшәеи рганахьала адыррақәа рыҩаӡара.
Ихадоу амаҭәарқәа реиҳарак немец бызшәала иддырҵоит. Австриа иҷыдоу акурсқәа рҿы иддырҵоит анемец бызшәа. Аус руеит абызшәатә школқәа. Урҭ ацхыраара ҟарҵоит анемец бызшәа аганахьала адыррақәа рыҩаӡара аҳаракыразы. Аамҭа змоу дырҭаауеит иџьашьахәу (иуникалтәу) альпиатәи акурортқәа, дрыхәаԥшуеит архитектуратә баҟақәа.
Австриа шәара ишәоуеит еснагь шәзызхәыцуаз азаанаҭ. Уи шәара шәыԥсҭазаара еиӷьнатәуеит!
expand_less